Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Перейти к навигации Перейти к поиску
Дырмит Гәлиа
Abkhazia 10 apsar Ag 2009 Gulia b.jpg
Ашықәс иира Жәабранмза 21, 1874(1874-02-21)
Иира аҭыԥ Уарча, Урыстәыла аимпериа
Иԥсра ашықәс Мшаԥымза 7, 1960(1960-04-07)[1] (86 лет)
Иԥсра аҭыԥ Агудзера, Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика
Аусура ашәҟәыҩҩы
Атәылауаҩра Урыстәыла аимпериа
Flag of the Soviet Union (1923-1955).svg Асовет Еидгыла
Анашьамҭақәа орден Ленина და орден Трудового Красного Знамени

Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа[2] (аур. Дмитрий Иосифович Гулиа; жәабранмза 9 (21), 1874 ш., Уарча ақыҭа, Урыстәылатәи аимпериамшаԥымза 71960 ш., Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР, Қырҭтәылатәи ССР, СССР) — Аԥсны Жәлар ашәҟәҩҩы, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, апоет, апрозаик, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, афольклорист, алингвист.

Абиографиа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

Абаҟа Дырмит Гәлиа, Аҟәа

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа диит хәажәкырамза 21, 1874 шықәса рзы Уарча ақыҭан анхаҩ ӷар иҭаацәараҟны. Дшыхәҷыз иҭаацәеи иареи мҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иахыган, аха уи иаб илшеит иҭаацәа рыԥсадгьылахь рыргьежьра.

Ԥшьышықәса ракәын дызҭагылаз, 1877 шықәсазы, аурысцәеи аҭырқәцәеи реибашьраан, иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Ҭырқәтәыла, Трабзан агаҿа ианнанагаз.

Иаб Урыс уахьынтә иҭаацәа иманы, дыбналаны, 1878 шықәсазы идгьыл гәакьахь ааӡабла дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыз-ҭыц данахыла, «иҩнарҭа адгьыл аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашан, нырцә, ҿыц ихәшҭаара ашьапы икит».

Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызеу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәа, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанза Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон.

Аҩреи аԥхьареи иҵеит аа-шықәса, жә-шықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач хәыҷы уи ишҟа мчыбжьык ахь ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷ дима, ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа рышҟол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дыла-гылан, иҷкәын убраҟа аҵаразы дрыдыркыларц.

Аҵыхәтәан, иаб иааԥсара, иҽазҵәылхра ирыбзоураны, ахԥатәи ашықәс аан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышҟол-апансионат /аинтернат/ даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп».

Иара абри, 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа ааҵуаны дычмазаҩхеит, атиф ихьит, ицарагьы аанижьит.

Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалт агәырҩа дугьы: 1891 шьщәса ажьырныхәамза мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду.

Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырцыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урт Кәыдры армарахьтәи ацшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын.

Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵареиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи цшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи».

Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы, Екатериновка, рҵаҩыс аус иуеит, 1890-1891 шықәсқәа рзы, аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьоит.

1892 шықәсазы Ашьхарыуаа рышкол ахылаԥшҩы (иахьатәи-ала — адиректор) К. Маҷавариани иареи иеицхырааны Қарҭ ақалақь аҿы иҭрыжьуеит аурыс графика шьаҭас измоу «Аԥсуа нбан».

Абри ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәхоит убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы иеиҿкааз Акомиссиа аусура.

Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагара ус напаркра даналага инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала убасҟан, азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы, уарла-шәарла акәзаргьы, иаԥиҵо далагоит ихатә жәеинраалақәагьы.

Убарҭ инарываргыланы, убри апериод аан, Д. Гәлиа Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿ уҳәа ҭарџьманс (еиҭагаоыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, ражәа-рышшԥхьыз еиҭеигон, дырзааԥсон.

1904 шықәсазы, Кавказтәи Арҵаратә округ ахылаԥшсҩы иҟнытә, Д. Гәлиа алагарҭатә школқәа рҿы арҵаҩра азин иоуит, официалла, идырреи иԥышәеи ҳасаб рзуны, арҵаҩратә ҵареиурҭа дшалымгацызгьы.

Жәлар рышкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа нахыс, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыгтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы.

1912 шықәсазы Д. Гәлиа иԥсҭазаараҿ икалеит иреиҳазоу ахҭыс — Қарҭ ақалақь аҿы ацсышәала иҭыҵуеит ипоезиатә еизга — «Ажәаеинраалақәеи ахьзыртәрақәеи» - Аԥсуа сахьаркыратә литература хацзыркыз, ауасхыр азышьҭазҵаз ашәҟәы. Уи ацәа иануп: «Аҽы ԥсыр, адәы аҭынхоит, ауаҩы дыԥсыр, ажәа иҭынхоит».

Иара убри, 1912 шықәсазы, Д. Гәлиа инеиԥынкыланы диасуеит Аҟәаҟа, аусқәа рхы ахьеиларсу «аҳәынҭқар тәарҭахь». Аракагьы ҩааԥхьа арҵаора ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара аусура еилагзаны: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче акны (1914), нас, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәсанза — Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа педагогтә техникәмхоит, a-20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аинститут ҳәагьы иашьҭан).

Абри асеминариаҿ Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәеиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵареиурҭақәа рҿы официалла арцаҩра азин иоуеит (абри атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп Х. С. Бгажәба «Зыхьӡ камшәо» захьзу ишәҟәы аҿы, — Акәа, 1977 ш.).

Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — дашьаҭакҩуп 1919 шықәса ԥеруал 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1920).

Усҟантәи аамҭақәа апоет игәалаиршәоит абас: «Иакымкәа иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын».

Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иеиҿикаауеит адраматә кружок, иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа» аҭыжьра.

1921 шықәсазы, Аԥсны асовет мчра анаиааи, Дырмит Иосиф-иԥа апрель мза инаркны днарыцхьоит Ареспублика анапхгара — Ареволиуциатә Комитет (Аревком) Жәлар рҵара аҟәшахьы, араҟа аԥсуаа рҵара-дырра иазку аҟәша-хәҭа деиҳабуп, арҵага шәҟәқәа реиҭагара, реиқәршәара, аҵара-дырра аус ашьҭыхра дырзаацсоит.

Иара абри ашықәс август мза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа данапхгаҩхоит, абраҟагьы инапы иануп аҵара-дырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара рус.

Абарҭ инарываргыланы, 1921 шықәсазы еиҿкааҩыс дамоуп ақыҭақәа рҿы жәлар рҿаԥхьа иқәгыло атеатртә гәыԥ, аус шиуц иуеит Аҟәатәи апедагогтә техникам аҿы, еиуеиԥшым ауаажәларратә усура мҩацигоит.

1924-1926 шықәсқәа рзы Д. Гәлиа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа акәырс дырзаԥхьоит, убри инацҵаны, излаигәалаиршәо ала, аԥсуаа рҭоурыхгьы. Уахьынтә даныхынҳә, Аԥснытәи аиҳабыра рҿы еиҭагаҩ ҷыдас дҟарҵоит, аԥсышәала аусмҩаԥгара ашьапкра дацхраауеит, 1926-1928 шықәсқәа рзы Аԥсуа педагогтә техникам аҟны аҭоурых риҭоит, аԥсуа алфавит аԥсахразы имҩаԥысуа аусура активла далахәуп.

1927 шықәса ианвар мзазы Д. Гәлиа бжьыҭирала далырхуеит Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахантәаҩыс (иеиҿкаан академик Н. Марр ибзоураны, ауаажаларрата ԥшьгарала, 1925 шықәсазы).

Абраҟа аус иуеит Академиа ацныхәрас 1930 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку анаукатә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа.

Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Галиа аинститут анаукатә усзуҩцәа дыруаӡәкыуп, абрака аус иуеит иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәсанӡа днаукатә усзуҩуп, 1938 шықәса инаркны, СССР Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнаргәгәаз ала, днаукатә усзуҩы еиҳабуп.

Иара абри аамҭазы, инауката усура инаваргыланы, а-30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа, Д. Галиа рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеицшым аҵареиурҭақәа рҿы, 1938 шықасазы - Аҟәатәи аҳаынҭқаррата педагогтә институт дадоцентуп.

1937 шықәсазы СССР Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум излақәнаҵаз ала, Д. Гәлиа иаҭәашьахоит аетнографиатә наукақәа ркандидатра астепен, Аԥсуа бызшәеи афольклори ирызкыу инаукатә усумҭақәа рзы, адиссертациа имырхьчаӡакәа.

1927 шықәса инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Анагӡаратә Центр Комитет (ЦИК) аилазаара далоуп.

1928 шықәсазы Аԥсны ашәкәҩҩцәа рассоциациа далалоит, 1934 шықәсазы — СССР ашәҟәҩҩцәа реидгыла.

1929 шықәсазы Д. Гәлиа ихырҵоит Аџьа Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыр хьӡы, 1937 шықәсазы - Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ.

Д. Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь ԥшьынтс депутате ҳәа далырххьан: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса декабр мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵоит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далоуп.

1949 шықәсазы Д. Гәлиа ианашьан Ленин иорден.

СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа Д. Гәлиа депутатс далырххьан ҩынтә: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара).

1955 шықәсазы Д. Гәлиа далалоит Акоммунисттә партиа.

1957 шықәсазы дықәргылан Ленин ихьз зхыу апремиа аиуразы (агазеҭ «Известиа», ианвар 17, 1957 ш.).

Иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы, 1957 шықәсазы апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара».

Дырмит Иосиф-иԥа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалахьан ҩынтә, раԥхьа, 28 шықәса данырҭагылаз, 1902 шықәсазы, ԥҳәысс дигоит Џьгьарда ақыҭа инхоз апап Сарпиан (Серапион) Чхеизе иԥҳа - Марина Чхеизе-ԥҳа (лан д-Амҷ-ԥҳан).

Агәалашәарақәа изларҳәо ала Марина мыцхәы иԥшӡаз, иеинаалаз аӡә лакәын, ҵареиурҭа далымгацызт, аха аҩреи аԥхьареи лдыруан.

Марина Чхеизе-цҳа диит 1885 шықәсазы, лыԥсҭазаара далҵит 1903 шықәсазы, ахшареиура дахыԥсааит. Джуп Џьгьарда ақыҭа, лани лаби рывараҿ.

Аҩынтә раан Д. Гәлиа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит 1911 шықәсазы, 37 шықәса данырҭагылаз. Усҟан ԥҳәысс дигоит Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ аҵара зҵоз Елена Андреи-иԥҳа Бжьалаа (1893-1979). Ирхылцыз: Гьаргь Гәлиа (1913-1989) иеицырдыруа шәҟәҩҩхеит; Владимир Гәлиа (1914) анџьныр ҵара далгахьан, дынџьнырын, аҩбатәи адунеитә еибашьра далаӡит; Татиана Гәлиа (1919-1997) — инеицынкылан акыр шықәса аус луан А. М. Горки ихьз зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт адоцентс, Д. Гәлиа инхарҭа-амузеи аиҳабыс.

«...Ашәҟәыҩҩы изы, - иҩуан Д. Гәлиа,- даара акыр иаԥсоуп ицхрааша, иҩызахаша аԥҳәыс даниднагала. Сара исылсыршаз жәаџьара ишаны хәҭакгьы сзыҟаҵомызт алитературеи аҟазареи рзы зыцсы ҭыхны изкыз Елена Андреи-иԥҳа лакәмызҭгьы.»

1958 шықәсазы, иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы, ииҩыз иавтобиографиаҿ Д. Гәлиа иҳәоит:

«...Иџьашьатәӡам узнысыз амҩа угәы иахәоу иамыхәоу, иахьынӡахәҭоу ажәлар рымаҵ узума ҳәа уаҩ дсазҵаар.

Анс-арс ҳәа акәымкәа, иаахҵәаны аҭак ҟасҵоит абас: ааи, сара исылсыршаз маҷысшьом, избанзар, наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еигьны исьшсыршар ҟалон, зегь раԥхьа иҟаҵатәу, зегь реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы. Сара сгәамчи сылшареи сыԥсаҟьон, зны апоезиа шьҭых'уа, зны анаукахь сеихо мацара. Иҟалап, алитература мацара схы азкны аус зур еиҳа еигьызҭгьы. Иҟалап ус акәымзаргьы!

Ауаҩытәыҩса ҿыц нап злеикуа аус аҿы инамцхәны агәамч ақәирӡуеит, аиашазы, идыррагьы аҽарҭбаауеит, иазҳауеит. Ари — егьыбзиоуп, иагьуԥышькласуеит.

Зны-зынла исԥьфхагахалоз даҽа мзызк ыҟан. Амыцхә «арма-ра» зҽадызхалоз ҩызцәақәак «адунеи зегьтәи ареволиуциа» асахьа иҭырхуаз аҿы Аԥсны цәыкәбарк иаҟарамкәа исдырбо ианалагалакь, аиашами ишәасҳәаша, скалам сымҟәыҵшәаны икашәон. Инықәбаны иԥаша цәыкәбарк азы аџьабаа батәума? Аха аԥсҭазаара иснарбаз уи ауп, иара убри ацәыкәбар азыҳәаҵәҟьа аџьабаабара иацсоуп. Гәыкала аџьабаа базар - уи ацәыкәбар џьаргьы иқәба изцаӡом.

Акгьы амыхьӡакәа иаанхоит».

Абиблографиа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

Исахьаркыратә шымҭақәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Ажәаеинраалақәеи ахьзыртәрақәеи. Қарҭ, 1912 шықәса.
  • Арԥызбеи ацҳәызбеи рышәҟәы. Даҽа хьзыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ, 1913 шықәса.
  • Ажәаеинраалақәеи, ахьзыртәрақәеи, ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь. Д. Г. икнытә. Аҟәа, 1923 шықәса.
  • Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1933 шықәса.
  • Аԥсуа частушкақәа. Аҟәа, 1934 шықәса.
  • Ашарԥы-еҵәа. Иалкаау иҩымҭақәа. Аҟәа, 1937 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса.
  • Иҩымҭақәа. Сухуми - Аҟәа. 1950 - 1954 шықәсқәа.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ҩ-томкны. Аҟәа, 1956 - 1957 шықәсқәа рзы.
  • Иҩымҭақәа. Иҭыҵит ԥшь-томкны. Аҟәа, 1956, 1957, 1958, 1962 (аԥшьбатәи атом) шықәсқәа рзы.
  • «Иалкаау Аԥсуа лирика» асериаҿ. Дырмит Гәлиа. Аҟәа, 1967 шықәса.
  • Ҳара ҳпартиа. Ажәеинраала. 43 бызшәа рыла еиҭаганы. Аҟәа, 1973 шықәса.
  • Сабдуи ааԥынреи. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983 шықәса.
  • Иоымҭақәа реизга. Ф-томкны. Аҟәа, 1981 - 1986 шықәсқәа.

Ипоезиатә еитагамтақәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • А. Ҵереҭели. Абаӡӡеи. Апоема. Ахы иақәиҭны ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1923 шықәса (хаз шәкәны аҩбатәи аҭыжьымҭа - Аҟәа, 1936 шықәса).
  • Ш. Русҭавели. Афоризмқәа. Ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1937 шықәса.
  • Т. Шевченко. Иалкаау иажәеинраалақәа. Аҟәа, 1939 шықәса (аизга иагәылоу ажәеинраалақәа рахьтә быжьба Д. Гәлиа иеиҭеигеит. Иара иоуп ашәкәы ацхьажәа зҩызгьы. (ҩбатәи аҭыжьра - Аҟәа, 1947 шықәса).
  • Игор ир ирыхҳәаау ажәа. Ажәытә аурыс бызшәахьтә иеиҭаргеит Д.Гәлиа, М.Гочуа. Аҟәа, 1940 шықәса.
  • Ш. Русҭавели. Абжьас-цәа зшәу. Апоема. Ақырҭшәахьтә иеиҭеигеит Д.Гәлиа. Аҟәа, 1941 шықәса.
  • И. Крылов. Ажәамаанақәа. Аҟәа, 1944 шықәса (аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д. Гәлиа иеиҭагамҭоуп ажәамаанақәа жәба).
  • Н. Бараҭашьвили. Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1947 шықәса (аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д.Гәлиа иеиҭагамҭоуп х-жәеинраалак).
  • А. С. Пушкин. Аҟәа, 1949 шықәса (Аизга иеиднакыло аҩымҭақәа рахьтә Д.Гәлиа иеиҭеигеит жәаф жәеинраала).

Аԥсшәахь иеиҭагоу адинхацаратә шәҟәқәа рахьтә[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Иҳақәиҭу Иисус Христос Иевангелие Цқьа. Матфеии, Марки, Лукаи, Иоаннии ирыкнытәу. Карт, 1912 шықәса (Арака Д. Гәлиа аиҭагаоцәа хадацәа дреиуан, акорреҟтура зкыз-гьы иара иакәын, ҽакала иуҳәозар аҭыжьымҭа атекст даредакторын. Дырмит Иосиф-иԥа уаанӡагьы дрылахән акымкәа-иҩбамкәа ауахәама шәҟкәқәа реиҭагара ус, иҟоуп ихала иеиҭеигақәазгьы).

Аҭорых иазку аусумҭақәа рахьтә[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • История Абхазии. Том первый. Тифлис, 1925 г.

Алитература, абызшәаҭҵаара, ажәарқәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Материалы по абхазской грамматике /Дополнения и разъяснения к книге П.К.Услар «Абхазский язык». Аҟәа - Сухум, 1927 г.
  • Алитературеи абызшәаҵареи ртерминологиа. Аҟәа, 1930 шықәса.
  • Иааркьаҿны аԥсшәа аорфографиа. Аҟәа, 1935 шықәса Аурысшәахьтә аԥсшәахь иеиҭагоу Жәлар /азеицш/ политикатә-терминологиатә жәар. Аҟәа, 1935 шықәса

Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рахьтә[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Абхазские пословицы, загадки и скороговорки (на абхазском и русском языках). Тифлис, 1907 г.
  • Аԥсуа жәацкақәеи, ажәа рццактәқәеи, ацуфарақәеи. Ҩынтә ҭыжьра еиҳа ихарҭәааны. Аҟәа, 1921 шықәса.
  • Аԥсуа жәаԥҟақәеи, ацуфарақәеи, ажәарццактәқәеи, аомонимқәеи, аомографқәеи, жәлар амшцәгьа еилыргашьас ирымоуи, амц хаҵарақәеи, аҭәҳәақәеи Реизга. Аҟәа, 1939 шықәса
  • Аԥсуа жәлар рпоезиа. Еиқәдыршәеит Д. Гәлиа, Х. С. Бгажәба (ашәкәы иамоуп Д. Гәлиа иацхьажәа). Аҟәа, 1941 шықәса; аҩбатәи, ихарҭәаау аҭыжьра - 1972 шықәса.

Арцага шәҟәқәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Арҭ, инеиԥынкылан акыр жәашықәса иҭыҵуаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа рҿы, инарҭбаан аҭыԥ рымоуп Д. Гәлиа еиҳа ихарҭәаау итомқәа рҿгьы иуԥымло, абарҭ ирылазны икоу иоригиналтә реиамҭақәа - иажәеинраалақәа, иеиҭагамҭақәа, акыр зҵазкуа ажәа кьаҿқәа, ажәа хьыршәыгәқәа.
  • К. Мачавариани, Д. Гулия. Абхазская азбука. Молитвы, X заповедей и присяжный лист. Тифлис, 1892 г.
  • Аԥсуа шәҟәы. Аԥсуа школқәа рзы. Аҩбатәи аҭыжьра. Қарҭ-Тифлис, 1911 ш.
  • Иара убас асовет аамҭазы иҭыҵуаз Д. Гәлиа иеиқәиршәаз, иаԥиҵаз арҵага шәҟәқәа, ахрестоматиақәа: «Аԥсуа бызшәа. Аҩбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ахәбатәи акласс азы. Аҟәа, 1934 шықәса», «Алитературазы ахрестоматиа. Ажәбатәи ажәабатәи аклассқәа рзы. Аҟәа, 1939 шықәса», «Аԥсуа бызшәа. Аԥшьбатәи акласс азы» уҳәа иҵегьгьы.

Раԥхьазатәи Аԥсуа календар[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Раԥхьаза аԥсышәала иҭыҵыз Аԥсуа Календар. Стиль ҿыцла. Аҟәа, 1920 шықәса

Аҭаацәара[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Аешьа — Гәлиа, Иуан Иасыф-иԥа
  • Аиаҳәшьа — Гәлиа, Екатерина Иасыф-иԥха
  • Аԥа — Гәлиа, Гьаргь Дырмит-иԥа — иналукааша аԥсуа советтә шәҟәыҩҩы.
  • Амоҭа — Гәлиа, Нурбеи Гьаргь-иԥа — аҵарауаҩы.

Исахьаркиратә ҩымҭақәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

Ажәаеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса.

Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса. Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.

Алитература[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901.
  • Советская энциклопедия, «Асоветтә Енциклопедиа Ду» (аур. Большая советская энциклопедия), 3-тәы аҭыжьра, 30-тәи атом. Москва, 1974.

Ахьарԥшқәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]

  1. // (unspecified title)
  2. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 894-901

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | Акод аредакциазура]